Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чкадуаԥҳа: ахәыҷқәа рықәгылара ҭақԥхықәрала иазнеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЦиала Чкадуа
Циала Чкадуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ансамбль "Абаза" аиҵбыратә гәыԥ Шәача имҩаԥысуаз афестиваль аҿы актәи аҭыԥ ааннакылеит. Аҟазаратә школ "Абаза" асахьаркыратә напхгаҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иазгәалҭеит ахәыҷқәа рықәгылара аҭакԥхықәрала ишазнеиз.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Чкадуаԥҳа ансамбль "Абаза" афестиваль аҿы иагаз аиааира иазкны

"Шәачаҟа иаҳгеит аиҵбаратәи агәыԥ. Дара рзы ари раԥхьатәи аицлабра акәын, даара ргәы хыҭ-хыҭуан.  Аԥхьахә агара дара рзы ихадан, иақәгәыӷуан, аха ишәон ирзымгаргьы ҳәа. Аҭаацәагьы ахәыҷқәагьы ари аицлабра аҭакԥхықәрала иазнеит. Сара издыруеит дара рылшарақәа, рҟазара, убри азы усҟак сацәшәомыз. Актәи аҭыԥ ргеит ҳәа анраҳа ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи ргәырӷьара ҳәаа амамызт. 43-ҩык аҳәыҷқәа ҳацын, афестиваль иазҳархеит "Аԥсуа кәашара", иара ҭынчуп, ирпшӡаны, инеиҵыхны иқәҳаргылаз ауп", — азгәалҭеит Чкадуаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0