Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ажьиԥҳа: аибашьрахь ицаз санду лаб изқәаҭыԥ ахьыҟоу аилкаара ҳашьҭоуп

© SputnikРада Ажиба
Рада Ажиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мгәыӡырхәа ақыҭа иалҵны Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа иалахәыз, аха хабарда ибжьаӡыз Пас Гәыбаз иҭоурых арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит имаҭа, ажурналист Рада Ажьиԥҳа.
Ажьиԥҳа: аибашьра ду иалаӡыз санду лаб изқәаҭыԥ ҳзымыԥшаац

"Санду лаб, Пас Гәыбаз, Аџьынџьтәылатәи еибашьра ианалага 18 шықәса ихыҵуан, аҭаацәара далалеижьҭеи шықәсык раҟара акәын иҵуаз. Мгәыӡырхәа ақыҭа аҟнытә зықәра аҵанакны еибашьра ицаз дреиуоуп. Иара хабарда ибжьаӡыз ҳәа дыԥхьаӡоуп. Аха санду лан, Царԥица Шугенԥҳа, ихалҵомызт иара дҭахеит ҳәа. Иҳамоу аинформациала санду лаб далахәын Севастополь имҩаԥысуаз ажәыларақәа. 1943 шықәса рзы, Ставрополь хабарда дыбжьаӡит ҳәа ашәҟәы лзааит санду лан. Санду акырынтә еиуеиԥшым асалам шәҟәқәа лыҩхьан, лаб иӡбахә зҳәоу дыррак лоурц, аха ҭакс иаарышьҭуаз — "хабарда дыбжьаӡит 1943 шықәсазы" ҳәа акәын. Лара лмаҭацәа, ажәас иаҳнылҵахьеит, даныҟамла аамҭазы, лаб иӡбахә зҳәо дыррак анааҟала, Мгәыӡырхәа, игәараҭаҿы ӷәык иадымхаргьы ихьӡала иҟаҳҵарц", — еиҭалҳәеит Ажьиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0