Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Цулаиа: Лаҭа иҟалаз адунеи зегьы азы иштрагедиоу рбартә иҟаҵатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГеннадий Цулая
Геннадий Цулая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара амузеи аусзуҩ Геннади Цулаиа Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит Лаҭатәи атрагедиа иазкны аекспозициа шеиҿкаахо.
Цулаиа: Лаҭа иҟалаз адунеи зегьы азы иштрагедиоу рбартә иҟаҵатәуп

"Даараӡа ҳгәы ҳнархьит иаҳбаз. Авертолиот ахькаҳаз аҭыԥ аҿы уааннеиуа аԥхьа узҭанаргыло атәы ҳәашьак амаӡам, аха иаҳбаз акоуп — абна ахыҵәахьеит. Шьҭа ицәгьоуп материалқәак раарԥшра. Уа ҳаннеи, Беслан Салаҟаиа дҳақәшәеит, иаҳзеиҭеиҳәеит, иаҳирбеит амаҭәақәа ахькажьыз. Иара џьара-џьара иахьагьы абҩақәа ахьуԥылогьы ыҟоуп рҳәеит. Аха уи азы аекспедициа хазы еиҿкаатәуп. Уи мышкы акәымкәа, мчыбжьык-ҩымчыбжьа аҭаххоит. Иҳалшоз ала иҳаԥшааит амаҭәақәа, авертолиот аԥҽыхақәа еизганы амузеи ахь иааҳгаз ыҟоуп. Аибашьра ахьцоз аҭыԥқәа рҿы инеины, музеи ҳасабла иахәаԥшыртә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵатәуп Лаҭагьы. Аԥхьаҟа уахь аекспедициақәа ҟаҳҵалоит. Ажәларгьы неиуеит, аԥсшьаҩцәагьы уахь инеиуазар акәхап. Ари атрагедиа аԥсуа жәлар рымацара ракәымкәа, адунеи азгьы иштрагедиахаз рбартә иҟаҵатәуп", — ҳәа азгәеиҭеит Цулаиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0