Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шьынқәырԥҳа: "Шьынқәба иаԥхьарақәа" ҳаԥхьаҟа фестивальны имҩаԥаагар ҳҭахуп

© SputnikЛамзира Шинкуба
Ламзира Шинкуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Папасқьыр иҳьӡ зху Амилаҭтә библиотека аусзуҩ Ламзира Шьынқәырԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит ҳаԥхьаҟа Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ихьӡала афестивальқәа рымҩаԥгара шырҭахәу.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Шьынқәырԥҳа Жәлар рпоет иаԥхьарақәа ирызкны

Аԥсны  жәлар рпоет Ҟабарда-Балкариеи Адыгатәылеи Жәлар рышәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба диижьҭеи 101 шықәса аҵра инадҳәаланы Амилаҭтә библиотекаҟны ахәылԥаз "Шьынқәба иаԥхьарақәа" мҩаԥыргеит ахәашаҽны.

"Уажәшьҭа итрадициахеит "Шьынқәба иаԥхьарақәа" Амилаҭтә библиотекаҟны рымҩаԥгара. Ашәҟәыҩҩ ирҿиаратә ҭынха аҿар радԥхьалара, аҿари аинтеллегенциеи реимадара, уи ирҿиара абзиабаҩцәеи Баграт изку аусумҭақәеи ралкаара  хықәкыс иҳамоуп арҭ аԥхьарақәа рҟны. Раԥхьаӡа аусмҩаԥгатә еиҿкаан 2007 шықәсазы Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис   Ҷолариа  иаԥшьгарала. Наҟ-наҟ ҳгәы иҭоуп афестиваль ҟазшьа аҭаны амҩаԥгара. Избанзар "Шьынқәба иаԥхьарақәа" зхы рылазырхәыр зҭаху ашколқәа рацәоуп. Аӡәгьы аган давымхарц азы афестиваль ҟазшьа аҭаны иаҳзыҟаҵар, Аԥсны араионқәа рҟынтәи иреиӷьу аԥхьаҩцәа, Баграт Шьынқәба изкны аусумҭақәа, ажәахәқәа ҟазҵахьоу иаҳа иманшәалоу  аҭагылазаашьа  роуан", — лҳәеит Шьынқәырԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0