Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷоҷуа: ашьыцра иабзоураны аҭаҭын акажьра сылсыршеит

© Sputnik / Илона ХварцкияРустам Чочуа
Рустам Чочуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеизегьтәи ҭаҭында амш азгәарҭоит есышықәса лаҵара 31 рзы. Иалшома агра бааԥс ааныжьра, иаҭахузеи уи азы? Абри атәы аефир аҟны еиҭеиҳәеит, инеиԥныкыланы фы-шықәса аҭаҭын иахоз, аха "ашьыцра" иабзоураны иаанзыжьыз арадио Sputnik аусзуҩы Русҭам Ҷоҷуа.
Ҷоҷуа: ашьыцра иабзоураны аҭаҭын акажьра сылсыршеит

"Ажәбатәи акласс аҿы аԥышәрақәа анасҭа, схаҵоуп ҳәа схы сыԥхьаӡеит, сџьыба иҭаз аԥарақәа рыла сцан адәқьан аҿы аҭаҭын аасхәеит, убри нахыс салагеит ахара. Зны арратә маҵзура сыхганы сааит аҩныҟа, сашьеи сареи ҳаиманы амшын ахь ҳцеит, убраҟа игәасҭеит иара ҭеиҭыԥшла иҽшеиҭиекыз, аиаша шәасҳәап, сааиҵашьыцит. Убри нахыс иақәыскит аҭаҭын наҟ инышьҭаҵаны аспорт аҽазкра. Ус имариамхеит сыгәҭакы анагӡара, аҭаҭын акажьра, аха фы-мыз ааҵуаны исылшеит зынӡа мап ацәкра", — еиҭеиҳеит Ҷоҷуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны. 

Ажәабжьқәа зегьы
0