Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Коӷониа: ConIFA ачемпионат аҟны иҳамчу зегь ҟаҳҵоит

© SputnikЛаша Когония
Лаша Когония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лондон имҩаԥысуа ConIFA ачемпионат раԥхьатәи ахәмарраҟны ишаҳҭахыцәҟьаз ҳхы ҳзаамырԥшит, ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны еизгоу акоманда ахәмарҩы Лаша Коӷониа.
Коӷониа: ConIFA ачемпионат аҟны иҳамчу зегь ҟаҳҵоит

"Хымԥада, ишаҳҭахыз ҳзымхәмарит раԥхьатәи аматч аҟны, амҩагьы кьаҿымызт хәыҷыкгьы ҳааԥсаны ҳаҟан. Актәи атаим ашьҭахь иаҳа ҳхы ааҳарԥшит. Ишҳамчу ҳахәмаруеит, аиааира агаразы иҳалшо зегь каҳҵоит. Адунеи ачемпионат аҟны зегьы иӷәӷәаны ихәмаруеит, рмилаҭ азы аиааира агара иашьҭоуп. Иаҳдыруеит ҳахәмаррақәа Аԥсны зегьы шазҿлымҳау, ишҳадгыло, уи азы иҭабуп, ҳара иҳамчу зегь ҟаҳҵоит", — иҳәеит Коӷониа.

Иахьа асааҭ 16 рзы Аԥсны еизгоу акоманда ахәмарыҩцәеи Карпаталиа (Украина инхо авенгрцәа) ашьапылымпыл асыҩцәеи еиқәшәоит.

Аԥснытәи акоманда раԥхьатәи аиԥылара мҩаԥнагеит лаҵара 31 рзы. Тибеттәи акомандеи Аԥснытәи акомандеи реицыхәмарраан  ҳшьапылымпыл асыҩцәа 3:0 ҳәа аиааира ргеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0