Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьалԥҳа: ахәыҷқәа ирхамышҭуа аныҳәа рзеиҿкаара алыршахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМактина Джинджолия
Мактина Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷқәа Жәларбжьаратәи рымш ныҳәазы агәыҳалалратә фонд "Ашана" имҩаԥнагаз акциақәа ирыбзоураны еизган 60 нызқь мааҭ аԥара, абри атәы лҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз афонд аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Џьынџьалԥҳа агәыҳалалратә акциақәа рлыҵшәа иазкны

"Уи аҽны инеиз зегьы ирдыруан агәыҳалалратә акциа шымҩаԥысуаз. Дара зегьы ахәыҷқәа цхыраарак раҳҭандаз, ирыхәаша ак ҟаҳҵандаз ҳәа ауп ишнеиуазгьы. Акциақәа рылҵшәақәа рыла иуҳәар ҟалоит, ҳхықәкы хада, ахәыҷқәа аныҳәа рзеиҿкаара наӡеит ҳәа, уимоу иҳарҳәаз аԥарагьы, уи 60 нызқь мааҭ рҟынӡа, даара ихәарҭахеит Мариа Коротич хәыҷы лыхәышәтәразы", — ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0