Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба Мазниев ир Аԥсны алагаларазы: Қырҭтәыла иакәакьны иҟарҵарц акәын

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Авидзба
Аслан Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба аинрал Мазниев ир иманы Аԥсны иалалара шыҟалаз еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны. Уи ахҭыс ҟалеижьҭеи сынтәа 100 шықәса ҵит.

"Аинрал Мазниев ир иманы ҿагылара имоукәа Аԥсныҟа иаара алыршахеит.  Уи аԥхьа  ареволиуциа анаҩс, маи 17 рзы "Кьараз" ала еибаркыз абольшевикцәа ирыдгылоз аԥсуаа Кәыдры аиҿагылараан иаҵадырхеит Қарҭынтәи иааз Кавказ анҭыҵтәи афедерациа анапаҵаҟа иҟаз ар ргәыԥ. Урҭ напхгара риҭон Џьугели зыжәлаз. Урҭ рҭыԥан ауп Мазниев дшаарышьҭыз.

"Хра злоу ахҭысқәа": Аҩӡба - Мазниев ир Аԥсны ишалагалаз атәы

Усҟан имҩаԥысуаз ахҭысқәа ажәлар еилыркаартә иҟамызт. Ганкахьала абольшевикцәа, урҭгьы аԥсуаа рыҷкәынцәа рылан, егьи аганхь — Аԥсуа Жәлар рхеилак дара ирҿагылоз. Изеицәааӡарызеи Џьугели ир ааратәы иҟазҵаз АНС (Аԥсуа Жәлар рхеилак) ауп. Ҳара закәанла иҟаҵоу усбарҭоуп, абольшевикцәа ҳԥырхагоуп ҳәа. Мазниашьвили ир рзы акәзар ааԥхьара ҟаҵамызт.  Аԥсуа Жәлар рхеилак иалази ақырҭқәеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа цон. Аԥснынтәи инеиз аделегациа дҵас ирымаз акәымкәа даҽа шәҟәык рнапы аҵарҩит, адезинформациа ӷәӷәа рырҭеит уа. Ашәҟәаҟны ианын ақырҭуа ҳәынҭқарра Аԥсны ар аларгалар ҟалоит ҳәа. Аха ар Аԥсны Жәлар рхеилак анапаҵаҟа иҟазар акәын. Мазниашьвили ара данааи, урҭ зынӡа рҳәатәы дықәныҟәомызт. Хықәкыс имаз Аԥсны зегьы инапаҟны аагара, хатә ҳәынҭқарратә еиҿкаарак амамкәа, Қырҭтәыла акәакьс аҟаҵара акәын. Аԥсны имҩаԥыргон ашьрақәа, идырҳәыз, идыршәаз рацәаҩын. Март 4, 1921 шықәсанӡа Аԥсны рымҽхакны иҟан", — иҳәеит Аҩӡба.

Ажәабжьқәа зегьы
0