Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашыг: уаҳа зҭахым ахәмарра бзиа аадырԥшит Урыстәылатәи ашьапылампыласыҩцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукИнал Хашиг
Инал Хашиг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампылтә експерт, ажурналист Инал Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҟны адунеи ашьапылампылтә чемпионат аҟны Урыстәылеи Хорватиеи еизгоу ркомандақәа рыхәмарра ахәшьара аиҭеит.

"Хра зоу ахҭысқәа": Ҳашыг Урыстәылатәи акоманда ахәмарра иазкны
"Мызкы аԥхьа Урыстәыла ачемпионат аҟны абранӡа инеиуеит уҳәар, угәырӷьаҵәа уҟалон. Иаха апенальтиқәа рыла  ианаҵаха, афиналбжа аҟынӡа изымнеи ҳәа  ухәыцуеит. Егьыс уахәаԥшуазар, Урыстәылатәи акоманда ахаан иҟанамҵацыз ҟанаҵеит, аҷык ауп ирыгхаз афиналбжа аҟынӡа инеирц, ахәмарра бзиагьы аадырԥшит.

Аиаша уҳәозар, ахәмарыҩцәа рыкласс ус идуум, аха дара команда ҳасабла ибзианы ихәмарит. Аӡәгьы дыҟамызт Урыстәылатәи ахәмарыҩцәа абас ибзианы ихәмаруеит ҳәа. Уажәы иаҳбаз ала, Урыстәылатәи акоманда  уаҳа зҭахым ахәмарра аадырԥшит", — иҳәеит Ҳашыг. 

Ажәабжьқәа зегьы
0