Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қапԥҳа: ҳгәы иалоуп аџазтә концерт аҟны аԥсшьаҩцәа раасҭа ҳауаажәлар ахьмаҷу

© Sputnik / Илона ХварцкияАрифа Капба
Арифа Капба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәлар рыҽрымадаразы Аҳәынҭқарратә филармониа аусзуҩ Арифа Қапԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иазгәалҭеит Аҟәа имҩаԥысуа ахԥатәи Жәларбжьаратәи аџазтә фестиваль ахь инеиуа ҳауаажәлар рхыԥхьаӡара иаҳа еиҳазарц шырҭаху.

Қапԥҳа: ҳгәы иалоуп аџазтә концерт аҟны аԥсшьаҩцәа раасҭа ҳауаажәлар ахьмаҷу
"Хымԥада, Аҳәынҭқарратә филармониа анапхгара аԥхьаҟагьы ргәы  иҭоуп аџазтә фестиваль амҩаԥгара. Ҳара иаҳбоит уи ессааира азҿлымҳара шаиуа, аха ахәаԥшцәа  рхыԥхьаӡара иаҳагьы иацлар ҳҭахуп. Ҳара ҳгәы иалоу, аконцерт аҿы аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара рацәоуп, дара аконцерт шыҟало еилкааны Шәачантә иаҳзаауеит, убри аан ҳара ҳтәқәа маҷк ишәошәа збоит  ус еиԥш иҟоу аконцертқәа рахь анеира. Сара ааԥхьара рысҭоит инеирц, ирбарц шаҟа иԥшӡоу, ихаау аџаз.  Аурыс ԥсшьаҩцәа иҳарҳәоит       Урыстәыла ас еиԥш иҟоу  аконцерт ахь ҳнеирц аԥара рацәа ахаҳшәаароуп ҳәа. Амузыка бзиа ҟазҵо, уи даара бзиа избо иоуп. Ус еиԥш иҟоу роуп иааҳаԥхьо", —ҳәа азгәалҭеит Қапԥҳа.

Ахԥатәи  Жәларбжьаратәи аџаз афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны уаха ахәылбыҽха Аҳәынҭқарратә филармониаҟны иқәгылоит   амузыка   аԥҵаҩы Армен  Мерабов игәыԥ. Афестиваль ахь ҷыдала ааԥхьара лыҭан ашәаҳәаҩ Мариам Мерабова.

Ажәабжьқәа зегьы
0