Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашба-Қәычбериа: сыҷкәын иабџьар гәаларшәагас иамазааит Аԥсынтәыла

© Sputnik / Томас ТхайцукЛамара Хашба-Кучуберия
Ламара Хашба-Кучуберия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1993 шықәса ԥхынгәымзазы иҭахаз Аԥсны афырхаҵа Иури Қәычбериа дызлеибашьуаз абџьар хкы ПТУРС ( атанкқәа ҭазырхо ареактивтә ԥжәага ), иан Ламара Ҳашба- Қәычбериа ҳамҭас иалҭеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьаратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи. Иури Қәычбериа уи абџьар ала иакымкәа ақәылаҩцәа ртанкқәа ҭаирхеит.

"Хра злоу ахҭысқәа": Ҳашба-Қәычбериа аибашьраан иҭахаз лԥа заҵә иабџьар азы
"Убас сгәы иаанагеит ас еиԥш амузеи аҟны абџьар нагазар иаҳа ихьӡуп ҳәа. Аԥсны ахьԥшымра азхаҵара 10 –шықәса аҵреи, Аиааира 25 шықәса ахыҵреи рзы амузеи иаҭаауа уи рбап, ираҳап, насгьы уа иаҳа иахьчоит. Сара сықәрахь снеихьеит, сыҷкәын иабџьар аԥхьаҟагьы аҩны иҵәахны исымазар, ииашахом. Абџьар хкы ПТУРС Мрагыларатәи афронт ахь аибашьраан, ноиабр мзазы, инаргеит Беслан Кьышьмариеи сыҷкәын Иуреи.

Влдаислав ду ихьӡ зху амузеи иаҳҭеит ари абџьар, гәаларшәагас иамазааит Аԥсынтәыла, араҟа уи аҟазаара ҳаҭыруп. Аҿар амузеи ахь инеиуа ирбааит, ираҳааит, ҳаԥсадгьыл уаҳа ааха амаиуааит", — лҳәеит Ламара Ҳашба-Қәычбериа.

Абри атәы еиҳа инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0