Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аршба: абылраҽацәыхьчара аԥҟара еилазго агәаҽанызаара анаҩс ахараԥса ршәароуп

© SputnikАркадий Аршба
Аркадий Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақьи араиони абылраҽацәыхьчаразы аинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аркади Аршба арадио Sputnik аҟны иҳәеит абылраҽацәыхьчара аԥҟарақәа еилазго ҳаҭалатәи анаплакыҩцәеи аиуристтә хаҿқәеи аҽҳәара шрырҭо аҭагылазаашьа арҽеиразы.

"Атәылауаҩи аиҳабыреи": Аршба абылраҽацәыхьчара иазкны
"Ахәаахәҭра ҭыԥқәа, акрыфарҭақәа уҳәа ҳауаажәлари асасцәеи зҭаауа есышықәса игәаҳҭоит. Иалкаауп агхақәа, уи инамаданы досу иҵанакуа ахыбразы аиҳабацәа  инарыгӡаша аусқәа рзы абжьгарақәа ҟаҵаны ашәҟәы раҳҭоит. Аилагарақәа змоу,  ауаа зынӡа ирԥырхагахоу цәгьарак ахылымҿиаауазар аусура азин рымоуп, аха ҽҳәарас ирзоужьуп мызкы. Уи аамҭазы аусураҟны абылраҽацәыхьчара аганахьала рыгхақәа дыриашароуп. Лаҵарамзанӡа хаҭалатәи анаплакҩы 300 мааҭ ахараԥса ишәон. Ҩаԥхьа агәаҭарақәа анымҩаԥаагоз аҭагылазаашьа ԥсахрада иаанхон. Иахьазы аиҳабыра ахараԥса акырынтә ишьҭырхит. Хаҭалатәи анаплакҩы 4800 —6000 мааҭ рҟынӡа ахараԥса ишәароуп, аиуристтә хаҿы 9 нызқь мааҭ инаркны 12 нызқь рҟынӡа.

Аминистрраҟны иҟаз аилацәажәараҿы иӡбан, аилагара змоу раԥхьа агәаҽанызаара рыҭазарц, аха анаҩстәи агәаҭараан аҭагылазаашьа ԥсахрада иаанхар, ахараԥса дыршәахоит азакәан инақәыршәаны", — ҳәа азгәеиҭеит Аршба.

Ажәабжьқәа зегьы
0