Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Цәышба: иаҳхысыз амшцәгьақәа раан мызкы илеиран иҟаз ақәа уахыки-ҽнаки рыла илеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАмир Цушба
Амир Цушба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҳауеи аӡқәеи ргәаҭара аҟәша аиҳабы Амир Цәышба арадио Sputnik Аԥсны иаиаҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит ари амчыбжь азы аҳауатә ҭагылазаашьа зеиԥшрахо.

Цәышба: иаҳхысыз амшцәгьақәа раан мызкы илеиран иҟаз ақәа уахыки-ҽнаки рыла илеит
"Ҳазҭалаз амчыбжь азы амш аҭагылазаашьа ҭышәынтәалам, уи зыхҟьазгьы аҳауақәыӷәӷәара лаҟәы иаҳхыкны Нхыҵ-Кавказ, Украина уҳәа, аҽарҭбааны иҟоуп, убри анырра ҟанаҵалоит макьана. Ахашеи аԥшьашеи ладантә иаауа аԥхарра аҭыҵра иабзоураны амш хәыҷык еилгоит, ақәа леиӡом. Аԥсшьарамшқәа ракәзар, иналак-аалакны илеилоит, аха иҳаҩсыз амшқәа рзы иҟаз аҭагылазаашьа еиԥш иҟалом", — ҳәа азгәеиҭеит Цәышба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0