Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аџьынџьал: ачынуаҩ ихашәалеи иныхтәи рзы адекларациа хаирҭәаароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРисмаг Аджинджал
Рисмаг Аджинджал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоррупциа аҿагыларазы Аԥсны азакәанԥҵара арҽеирақәа алагалатәуп ҳәа зыԥхьаӡо аԥшьгаратә гәыԥ алахәыла, аҭоурыхҭҵааҩ Рисмаг Аџьынџьал арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит ачsнуаа рхашәалеи рныхтәқәеи ахылаԥшра рымазароуп ҳәа.

Аԥсны Ауаажәларратә палатаҟны адгылара арҭеит акоррупциа аҿагыларазы Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аконвенциа аҩажәатәи ахәҭаҷ. Аилатәара иалахәын аҵарҭыша агара аҿагыларазы азакәанԥҵара арҽеирақәа алагалатәуп ҳәа зыԥхьаӡо аԥшьгаратә гәыԥ алахәцәеи Жәлар Реизара адепутатцәеи.

"Хра злоу ахҭысқәа": Аџьынџьал ачынуаа рхашәалеи рныхтәқәеи ашәҟәы рҭагалара иазкны

"Ҳара иалҳкааз, ачынуаҩ аусурахь данцо ихаирҭәаалароуп адекларациа ахашәалеи аныхтәи рзы. Убра ианиҵароуп имоу амал зегьы. Иара убасгьы ианиҵароуп уи амал ахьынтәиааигаз. Иаҳҳәап, ауалафахәы 15 нызқь мааҭ соуеит, арахь ҩ-миллионк иаԥсоу амашьына асырбеит адекларациаҟны, иабантәаазгеи? Исҳәар сылшоит сҩыза адәқьан имоуп, ҳамҭас исиҭеит. Ус анакәха, ицаны дгәарҭааит, ахашәала шаҟа иоуа, аҳәынҭқарра шаҟа алеигало. Уигьы иаҳа иҽникылоит, дазхәыцуеит иаԥсоу ус еиԥш аҳамҭақәа рыҟаҵара. Абасала аԥынгылақәа рацәахоит акоррупциа аанызкыло.

Иахьазы амчрахь инеир рҭахуп зегьы, уи ус шакәу алхрақәа иаҳдырбоит.

Ауаҩы хылаԥшрак имазароуп.  Ҳара ҳчынуаа аԥара ззаҳшәо усзуҩцәоуп. Урҭ рхатә усқәа ракәӡам ирыӡбаша, ажәлар рус ауп рнапы иану. Ахылаԥшратә усқәа рахь иаҵанакуа рацәоуп, урҭ ирхадароуп адекларациа ахарҭәаара", — иҳәеит Аџьынџьал.

Ажәабжьқәа зегьы
0