Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ферзба Grand Opera Gala иазкны: ҳажәлар еснагь ибзианы ҳрыдыркылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхас Ферзба
Алхас Ферзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аоператә шәаҳәаҩы Алхас Ферзба арадио Sputnik аефир аҟны иахьа Аҟәа имҩаԥысраны иҟоу аконцерт атәы еиҭеиҳәеит.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ферзба Grand Opera Gala иазкны
"Сынтәа ԥшьынтәны имҩаԥысуеит ари афестиваль Саид  Гобечиа ибзоурала. Ҳажәларгьы иргәаԥхоит ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар ибзианы еснагь ҳрыдыркылоит. Саид ааԥхьара ансыиҭа, иасҳәеит шьҭа иқәыԥшу аоператә шәахәаҩцәа рахь маҷк саҵанакуам ҳәа, аха уҳадгылазар сҭахуп ҳәа азгәеиҭеит. Аоператә шәаҳәаҩцәа ҿарацәа рахь иаҵанакуеит аҭыԥҳацәа зегьы. Урыстәыла Амилаҭтә гвардиа аоркестри ҳареи ҳаицықәгылоит. Аҽазыҟаҵарақәа знык Москва имҩаԥаагахьан иара убас  араҟа знык", — иҳәеит Ферзба.

Аԥсуа Ҳәынҭқарратә драматә театр асцеанаҟны ахәылбыҽха 19:00 сааҭ рзы апроект Grand Opera Gala аҳәаақәа ирҭагӡаны аконцерт мҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0