Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьалԥҳа: мызкахьы ҩыџьа ахәыҷкәа иреиҳамкәа ацхыраара рыҭара ҳахьӡоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМактина Джинджолия
Мактина Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыразратә фонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны аоператә шәаҳәаҩцәа Пицунда имҩаԥыргаз агәыҳалалратә концертқәа реихшьаала ҟалҵеит.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Џьынџьалԥҳа Пицундатәи агәыҳалалратә концертқәа ирызкны
"Сынтәа хәынтәуп шьҭа аконцертқәа мҩаԥгоижьҭеи. Иаҳхысыз ԥшьышықәса ирылагӡаны быжьҩык ахәыҷкәа ацхыраара рыҭан. Сынтәа еизгоу аԥара шьҭхоит Иарослава Ҟалӷьԥҳа лыхәшәтәрахь. Уи азы 370 нызқь мааҭ аҭахуп. Сынтәа еизгоуп 250 нызқь мааҭ. Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ, афонд ахада Азамаҭ Багаҭелиа ишиҳәаз ала аԥара иҵегьы еизгахоит. Аконцерт анаҩсгьы ацәыргақәҵа мҩаԥган.  Уи аҟны асахьақәа ирхҭнырхыз аԥара шьҭхоит ҳфонд ахь. 

Ацхыраара иаҳәо ауаа рхыԥхьаӡара маҷым, мызкы жәохә-ҩажәа ҭаацәара анҳадҵаало ыҟоуп. Урҭ рахьынтә ҩыџьа инареиҳамкәа ацхыраара рыҭара ҳахьӡоит", — лҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Абри атемала еиҳа инарҭбаау аинформациа шәоур шәылшоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0