Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сабуа: аҭагылазаашьа ҷыдаҟны ашколхәыҷқәа рхымҩаԥгашьазы амаҭәар алагалатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукТенгиз Сабуа
Тенгиз Сабуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа ҷыдаҿы ақәыԥшцәа ахымҩаԥгашьа рдыруама, ишԥазыҟаҵазар иахәҭоу, абри атәы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны еиҭеиҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иаҵанакуа зышәага маҷу амшын ӷбақәа рзы аинспекциа ахада Ҭенгиз Сабуа.
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Сабуа аҭагылазаашьа ҷыдаҟны ақәыԥшцәа ахымҩаԥгашьа дырҵара иазкны

"Ҳара аус рыцаауеит ашколхәыҷқәа, аҭагылазаашьа ҷыдаҟны рхы шымҩаԥыргаша иазкны. Иахьатәи аамҭазы иаҳҭахуп урҭ ҳаипԥыларақәа иаҳа лассы-ласс имҩаԥаагаларц. Аҳәыҷқәа идҳарҵалароуп амшын аҭалараан аӡиасқәа амшын иахьалало ишшәарҭоу, амшын анцәқәырԥо аҽыкәабара шыҟамло. Абарҭқәа зегьы рзеиҭаҳҳәалароуп. Сынтәа алагерқәа рҿы ахәыҷқәа аҭагылазаашьа ҷыдақәа рҿы ацхыраара ауаҩы иширҭаша дҳарбон. Ашколхәыҷқәа рзы маҭәарк ирласны илҳхыр бзиан аҭагылазаашьа ҷыдаан рхымҩаԥгашьа иазку", — иҳәеит Сабуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0