Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Хәаџьааԥҳа: ҳмааҭ еиҟәырҷҷо аибашьра иазку афильм аҭыхра ҳаҿуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЕмма Хәаџьааԥҳа
Емма Хәаџьааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәымысҭа зҭыхрақәа мҩаԥысуа Аџьынџьтәылатәи еибашьра иазку акино маҷ аԥҵара иацу ауадаҩрақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит, афильм автор, ажурналист Емма Хәаџьаа.

Хәаџьааԥҳа: хмааҭ еиҟәырҷҷо аибшьра иазку афильм аҭыхра ҳаҿуп
"Ҳәарада, ауадаҩрақәа рацәаны иацуп. Ҳфильм аспонсор дамаӡам, иҟаҳҵо зегьы сҩызцәа, ҳҭыхратә гәыԥ рыцхыраарала инаҳагӡоит. Ирацәаҩуп афильм аҭыхра иалахәу, инеиԥынкыланы ҩымш-хымш аҭыхрақәа мҩаԥаагоит, урҭ зегьы акрырҿаҵатәуп, ишахәҭоу еиԥш еилаҳәатәуп. Агримҟаҵаҩцәа ҳара иҳамаӡам, дара ҳаԥшааргьы ирзаҳшәо ҳамаӡам. Еиҟәырҷҷо афильм ҭыхуа ҳаауеит. Доусы ихахьы игеит еиуеиԥшым афункциақәа. Иҷыдоу амашьынақәа ҭаҵаны ахырӷәӷәарҭақәа рыжра сақәшахаҭымхеит, аҭыхратә гәыԥ иалахәу зегьы напыла, баҳала иржит. Абас ҳааиуеит макьана", — ҳәа азгәалҭеит Хәаџьааԥҳа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0