Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амҷыԥҳа: дарбанзаалакгьы илшароуп ауаҩы аԥхьатәи ацхыраара иҭара

© Sputnik / Илона ХварцкияИндира Амичба
Индира Амичба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи ацхыраара аҵакыи, анаҩс уи аусура иацу аҭакԥхықәреи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит афельдшер Индира Амҷыԥҳа.

Хра злоу ахҭысқәа: Амҷыԥҳа ацхыраара лассы аҭара иазкны
"Дарбанзаалакгьы ауаҩы идыруазароуп аԥхьатәи ацхыраара ласы аҭашьа, уи амедицина дадҳәаламзаргьы. Уи иадҳәалоу ҳганахьала ҳус ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит, ауаҩы ишаҳәҭоу аԥхьатәи ацхырра иҭара. Раԥхьаӡа акәны ауаҩы раԥхьатәи ацхыраара ласы исҭеит, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрраҿы аусура саналага. Ауаҩы амҩатә машәыр дақәшәеит, иаарту аԥҵәара ҳәа изышьҭоу иман. Иахәҭаз ацхыраара ласы иҭаны, ацхыраара ласы амашьына ҳаԥхьеит", — илгәалалыршәоит Амҷыԥҳа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0