Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагба Гагәылиа изкны: Гена илеишәа адырра ацын, аусушьа унарҵон

© Sputnik Кясоу Хагба
Кясоу Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа Ҳәынҭқарратә драматә театр актиор Кьасоу Ҳагба арадио Sputnik Аԥсны аҟны амҩатә машәыр аан иҭахаз аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иуаҩышьеи иҟазшьеи дрылацәажәеит.

Ҳагба Гагәылиа изкны: Гена илеишәа адырра ацын, аусушьа унарҵон
"Иара иҟазшьан дызҿу аус ахы инаркны аҵыхәанӡа ицқьаӡа, гьамала, алҵшәа аиуртә еиԥш аҟаҵара. Сара сзы иара ҿыцны иаатыз уаҩын. Убриаҟара иҟәанданы ауаа рыхгьы рыгәгьы иара иахь ихьаирԥшон, уахгьы-ҽынгьы зхы аус адызулоз уаҩын. Гена 70 шықәса ихыҵуан, аус ахьиуаз Ахаахәҭра-ааглыхратә палатаҟны аҿар шаҟа бзиа дырбоз. Гена илеишәа адырра ацын, аусцәҟьа аҟаҵара ацын. Гена илеишәа игәыбылра унаркуан, аусушьа унарҵон. Аԥара, абџьар ирзымӡбо уӡбыр ҟалоит ауаҩы игәы узақәшәар, Гена уи аҟаҵашьа дақәшәон, ихыи игәыи еинааланы иҟан", — иҳәеит Ҳагба.

Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иҭахара

Ажәабжьқәа зегьы
0