Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭаниа: Ацҳа Ҟаԥшь аҟны игаз раԥхьатәи атанк еиҭашьақәҳаргылеит

© Sputnik Алхас Тания
Алхас Тания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Ацҳа Ҟаԥшь аҟны аӷацәа ирымхыз атанк атоурых арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит уи еиҭашьақәзыргылаз руаӡәк Алхас Ҭаниа.
"Хра злоу ахҭысқәа": Ҭаниа аибашьраан аӷацәа ирымхыз раԥхьатәи атанк атәы

"Аибашьра ианалага адырҩаҽны иган атанк, еиҭашьақәыргыланы аҽныцәҟьа аӷацәа рахь ахы рхан. 2000 шықәсазы атанк иагқәаз шьақәыргыланы баҟаҵас арра маҵзура ахьаҳхаҳгоз Ачадара архәҭаҟны иқәгылан. Уажәраанӡа уа иҟан. Аибашьцәа ираҳәаны иахьықәгылаз лаҵарамзазы илбааҳгеит. Маҷк иагқәоу ыҟоуп, урҭ ҟаҳҵоит. Иаҳҭахуп апарад анаҩс џьара игылазарц, иаагозар иара ахьгаз Ацҳа Ҟаԥшь аҟны иаҳақәлаз аӷацәа рахь рхы рханы", — иҳәеит Ҭаниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0