Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭарба ансамбль "Кавказ" агастрольқәа рзы: жәамш инеиԥынкыланы ԥсшьарада

© Sputnik / Томас ТхайцукАрвелод Тарба
Арвелод Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба арадио Sputnik аефир аҟны иазӷәеиҭеит Ҭаҭарсҭан имҩаԥысуа ансамбль ақәгыларақәа ақәҿиара шрымоу, ахәаԥшцәа ршьапы иқәгыланы рнапы шеинырҟьо.
Ҭарба уажәтәи "Кавказ" агастрольқәа рзы: жәамш инеиԥынкыланы ԥсшьарада

"Аиааира амш аназгәаҳҭоз ауха аконцерт Аҟәа ҳалахәын. Уи ашьҭахь ҳашиашаз амҩа ҳақәлеит. Даара хьаас иҳаман амза ҩба рзы Набережные Челны имҩаԥаагоз аконцерт, уи ҳахьымӡар ҳәа ҳшәон. Даара иааԥсаны ишыҟаз, автобус иааҭыҵны акәашацәа асцена ақәлара рықәшәеит. Аха ибзианы имҩаԥысит  ақәгылара, ахәаԥшцәа даара иргәаԥхеит. Ажәлар гыланы рнапы еинырҟьон аҵыхәтәантәи акәашара ианалага инаркны. Ақәгыларақәа сааҭки бжаки инарзынаԥшуа ицоит,  жәаҩа кәашара ыҟоуп. Аконцертқәа жәамш инеиԥынкыланы есҽны ицоит. Ҭаҭарсҭан ҳакәгыларақәа шаахҳаркәшалак, Москваҟа ҳцоит, уа ацәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан" мҩаԥысуеит.  Амза жәаҩа рзы ҳақәгылоит", — иҳәеит Ҭарба.

Ажәабжьқәа зегьы
0