Урыстәылатәи агроааглыхратә цәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан-2018" ("Золотая осень-2018") аус ауеит Москва, жьҭаара 10 — 13 рзы. Ацәыргақәҵа еиҿнакаауеит Урыстәылатәи Афедерациа ақыҭанхамҩа аминистрра. Аԥснытәи анаплакқәа ари ауснагӡатә бжьынтәуп иалахәхоижьҭеи. Сынтәа ацәыргақәҵа иалахәуп Урыстәыла арегионқәа 60, аҳәаанырцәтәи атәылақәа 15. Ацәыргақәҵа девизны иазыҟоуп "Ҳәаа змам алшарақәа".