Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Коӷониа еиҭеиҳәеит сынтәа ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа агара зылшо зусҭцәахо

© SputnikЛаша Когония
Лаша Когония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изеиԥшрахозеи ашьапылампыл азы Аԥсны ахраҿа агаразы афиналтә хәмаррақәа, иарбан командақәоу еиҳа аԥыжәара змоу, абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны ргәаанагарақәа еибырҳәон арадио амҩаԥгаҩ Алхас Манаргьиеи, ашьапылампылтә експерт, ашьапылампыласҩы Лаша Коӷониеи.

Коӷониа еиҭеиҳәеит сынтәа ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа агара зылшо зусҭцәахо
"Хымԥада сенсациахеит Самырзаҟан афинал абжахь иахьцәырҵыз, дара ргәыԥ аҿы ирыман "Динамо", "Риҵеи", "Гәдоуҭеи". Ари асезон аҿы "Динамо" усҟак иӷәӷәамызт. Ирацәоуп ахәмарҩцәа агәыԥ аанзыжьыз. Афинал бжаҿы "Самырзаҟани" "Гагреи" еиқәшәоит, нас "Риҵеи" "Нарҭи". Урҭ еиқәшәоит дара рдәаҿы, жьҭаара 15 рзы. "Самырзаҟани" "Гагреи" рыхәмарраҿы асенсациа ҟало, иҟамло ҳәа сызҳәаӡом. Галаа дара рдәаҿы ибзиан ихәмаруеит, Гаграа Ахраҿа гәхьааган иҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Коӷониа.

Ажәабжьқәа зегьы
0