Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит Ҭамара Ҭарԥҳа лыхәышәтәразы иаҭахыз аԥара шеизгоу

© Sputnik / Томас ТхайцукМактина Джинджолия
Мактина Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә филармониаҿы Алексеи Хевелев имҩаԥигаз агәыҳалалратә концерт "Амузыка амч" иабзоураны еизган фонд "Ашана"хылаԥшра зырҭо Ҭамара Ҭарԥҳа лыхәшәтәразы иаҭахыз аԥарақәа зегьы. Абри атәы лҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз агәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.

Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит Ҭамара Ҭарԥҳа лыхәышәтәразы иаҭахыз аԥара шеизгоу
"Ҭамара Ҭарԥҳа лыбӷашшара хәахәоуп, лара лчымазаразы иаҭахуп аԥҟара, уи миллионк мааҭ аԥара аҭахуп. Урыстәылатәи ҳпартниор Русфонд ацхыраара шҳарҭо ала адырра ҳарҭеит, ҳара иаҳзаанхоз 100-нызқь мааҭ аԥара аизгара акәын. Алексеи Хевелев имҩаԥигаз агәыҳалаларатә концерт иабзоураны иалыршахеит уи ахыԥхьаӡар ааизгара, уи агәырӷьҿҳәаша рылаҳәан аконцерт ахәаԥшцәа зегьы. Лара Ҭамара лхаҭагьы асценахь днеины ацхыраара лызҭаз зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит. Уи даара ргәаҵанӡа инеит зегьы", — ҳәа еиҭалҳәеит Џьынџьалԥҳа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0