Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габниа еиҭеиҳәеит зылшара ԥку ахәыҷқәа рзы Гәдоуҭа иаарту ацентр атәы

© Фото : предоставлено Даниилом ГабнияДаниил Габния
Даниил Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Маха-шьахала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы ацентр Гәдоуҭа ақалақь аҟны аартра шалыршахаз арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аԥшьгаҩцәа иреиуоу Данил Габниа.
Габниа еиҭеиҳәеит зылшара ԥку ахәыҷқәа рзы Гәдоуҭа иаарту ацентр атәы

"Ацентр ҳаналагоз аиҿкаара "Нарҭаа" напхгара асҭон усҟан, анацәа ҳзааит. Зегьы ҳаицны араион ахада иҟны ҳнеит. Руслан Ладариа ацхыраара ду ҳаиҭеит. Ақалақь аҟны актәи аԥсуа школ ааигәа ахәыҷқәа рзы аҭыхратә центр ыҟоуп, уи ахыбра абжа ҩ-уадак ҳарҭеит. Иахьазы ацентр аҟны дыҟоуп апсихолог, амассаж ҟазҵо, иара убас аиҳабы. Аофициалла ацхыраара зҭаху ахәыҷқәа ҳәа асиа 180-ҩык ануп. Аха урҭ зегьы рыдкылара уадаҩуп. Иахьыҩноу ахыбра ҭшәоуп, амшқәа бжьаҵаны ирыдыркылартә еиԥш ҳалацәажәон. Иахьазы маха-шьахала зылшара ԥку ахәыҷы ибаҩ арҵәразы иахәҭоу амаругақәа ыҟоуп. Ҳаамҭазы ацентр аус ауртә еиԥш америкатәи аиҿкаара ацхыраа ҟанаҵоит. Ус ҳәан аусушьа ргәаԥхар ацхыраара иацҵахоит ҳәа. Аԥхьаҟа ишыҟало ҳаздыруам, иауазар араионтә биуџьет аҟны программак аҳасабала иҟалозҭгьы, мамзар даҽаџьара ацхыраара ҳауазар ҳазхәыцлоит", —  иҳәеит Габниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0