Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәажәба еиҭеиҳәеит аԥсуаа рышьҭамҭа атәы Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарра аԥҵараҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Гожба
Руслан Гожба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит аԥсуаа рлагала атәы Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы.
Хра злоу ахҭысқәа: Гәажәба Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарра ашьақәыргылара иазкны

"Ҭырқәтәыла ар апартизантә еибашьра иаҿын, дара акыр аџьабаа рбеит абырзентә еибашьцәа рықәцаразы, иара убри алагьы Ҭырқәтәыла ахы иақәиҭырҭәит. Рауф Орбаи ҳәа дыҟан, иара еиԥш аҵара змаз Ҭырқәтәыла имаҷын, ихьӡ —иԥша ӷәӷәан. Иара итактикала Франциа иахьагьы аибашьышьа ддырҵоит. Уи иџьабаа даара ирацәоуп. Шықәсык Рауф Орбаи дыҟан аҳынҭқарра ахадараҿы, аха Кьемали иареи рыхшыҩ еиқәымшәеит. Рауф иаҳа хара дхәыцуан, аха дара еиҿагылеит. Рауф дықәҵыр акәхеит  Европаҟа. Усҟан бжаҩык ахатәрақәа Кьемаль идгылеит, аха асулҭан ихԥша дуун, икәша-мыкәша Кавказаа рацәан, убарҭ ӷас ишьҭырхит, амчра анырга нахыс аԥсуааи ачеркесцәеи Бырзынтәылаҟа ихҵәар акәхеит", —  ҳәа еиҭеиҳәеит Гәажәба. 

Ажәабжьқәа зегьы
0