Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьыкырԥҳа: ажурналист изанааҭ алсымхыргьы, зегь акоуп арҿиара садҳәалахон

© Фото : Facebook/Эсма ДжикирбаЭсма Джикирба
Эсма Джикирба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист, Аԥсуа телехәаԥшраҟны адырраҭара "Аԥсуа цәа зху" амҩаԥгаҩ Есма Џьыкырԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иазгәалҭеит аҳәынҭқарратә амассатә информациа ахархәагақәа рҿы аус зуа ажурналистцәа, аполитика иадҳәалоу азҵаараҿы ахақәиҭра шрымам атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьыкырԥҳа ателехәаԥшраҿы аусура иазкны

"Ажурналист ахақәиҭра имоу имаму атәы ҳалацәажәозар, аполитика иадҳәалоу азҵаараҿы аҳәынҭқарратә телахәаԥшраҿы аус зуа дарбанзаалакгьы ажурналист ахақәиҭра имаӡам, иара ииҭаху ишиҭаху иҳәартә еиԥш, аҭагылазаашьа ыҟаӡам. Ус еиԥш афактқәа ыҟоуп. Сара сыԥсҭазаараҿы ажурналистикахь снанамгаргьы, зегь акоуп арҿиара иадҳәалоу ак алысхрын, актиоррагьы мап ацәыскӡом. Иахьа, ажурналист иаҳасабала, акыр сылҵны сыҟазар, уи зыбзоуроу Гәырма Амқәаб иоуп",  — ҳәа азгәалҭеит Џьыкырԥҳа.

Абҵара 6 рзы Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьаӡа аефирахь иҭыҵижьҭеи 40 шықәса ҵуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0