Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шамԥҳа аԥсшәа аҵаразы онлаин курсқәа ирызкны: сҵаҩцәа ирҵар шырҭахыу збоит

© Фото : Facebook/Aza ShambaАза Шамба
Аза Шамба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсшәа дырҵаразы онлан курсқәа рырҵаҩы Аза Шамԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит аурокқәа шымҩаԥысуа атәы.
Шамԥҳа аԥсшәазы онлаин курсқәа ирызкны: сҵаҩцәа ирцар шырҭахыҵәҟьоу збоит

"Сара аус зуеит "Исҵоит аԥсуа бызшәа" ҳәа иҟоу ашәҟәы ала, иара схы иасырхәон Ҭырқәтәыла, уаҟа аус анызуазгьы. Ҳара иаҳҵоит аԥсуа шьҭыбжьқәеи анбанқәеи. Иара убас ироуеит аԥсышәала ацәажәаразы раԥхьатәи адыррақәа. Уажәазы исымоуп ԥшьҩык аҵаҩцәа, зегьы ианаамҭоу аурок рызҽалырхәӡом азы — иара ҭаҳаҩуеит. Еснагь сразҵаауеит ирзеилымкааз, аҩныҟатәи адҵаҿы ауадаҩра рызцәырызгаз. Сҵаҩцәа аурокқәа иманшәаланы ирыдыркылозшәа збоит. Шьҭа аҳәоуқәа шықәдыргылоит, ажәеи ажәеи еидырҳәалоит, иара шырҭахыҵәҟьоу убартә иҟоуп", — ҳәа азгәалҭеит Шамԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0