Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Адлеиԥҳа Аԥсуа телехәаԥшраҿы аусура иазкны: саӡрыжәит

© Sputnik / Томас ТхайцукЭмма Адлейба
Эмма Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа телехәаԥшра адиктор Емма Адлеиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны илгәалалыршәеит раԥхьаӡа акәны аефир ахь лцәырҵра шыҟалази, лусура илнаҭаз аԥышәеи ртәы.
Хра злоу ахҭысқәа: Адлеиԥҳа ателехәаԥшраҿы аусура иазкны

"Сара сырччара мариаӡамызт, аефир аҿы сантәаз сара сзы иҟаз ателехәаԥшҩы, сара, уаҳа ҳабжьара аӡәгьы аҭыԥ имамызт. Сзызхәыцуазгьы абри сзыԥхьоз атекст акәын. Зны ишиашоу ицоз аефир аҿы исхакнаҳаз алашарбага ҭҟәацит, асаркьа аԥҽыхақәагьы наҟ-ааҟ исываԥсеит, аха сара убри аҟара сыӡрыжәны сыҟан, убри иагьыснымԥшит. Ирҳәоит, зынӡаск сымқәацеит ҳәа. Усҟантәи аамҭаз уи ус иахәҭан, џьара иахәҭам ак аҟаҵара, мамзаргьы аҳара, гха дууны иԥхьаӡан, лахь урҭаргьы ауан. Ҳара зегьы апартиа иааӡаз ҳакәын, алеишәа ҳалааӡан", — ҳәа азгәалҭеит Адлеиԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0