Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Коӷониаԥҳа: ажурналист иус ианазҿлымҳау ахәшьара аҭара иаҳа ииашахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЭлеонора Когония
Элеонора Когония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik амҩаԥгаҩцәа иреиуоу, ааигәа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ зыхҵоу Елеонора Коӷониаԥҳа аефир аҟны лгәаанагара лҳәеит арҿиара знапы алаку аҳаҭыртә хьыӡқәа рыҭара азҵааразы.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Коӷониаԥҳа аҳаҭыртә хьыӡқәа ирызкны
"Ҩажәи хәба шықәса аус ууит, мамзаргьы ҩынҩажәа ҳәа акәӡам ихадоу. Ас еиԥш иҟоу ахьыӡқәа, иаагозар, Урыстәыла ианрырҭо ирҳәоит абри азы, иҟаиҵаз азы ҳәа. Иаҳҳәап, ахьыӡ сырҭазҭгьы "Аҳәатәы" ҳәа адырраҭара анымҩаԥызгоз, мамзаргьы арепортажқәа аныҟасҵоз, ахәаԥшҩы иаҳа игәалашәараҿы ианыҟаз.  Ателехәаԥшраҿы иқәҿиароу адырраҭарақәа ансымаз ыҟан, иахьазы атематикатә дырраҭарақәа реиҳабыс сыҟоуп, ателепроект сымаӡам. Журналистк иаҳасабала иахьазы Sputnik аҟны ауп аус ахьызуа", — лҳәеит Коӷониаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0