Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сусана Саӡԥҳа аҳаҭыртә хьӡы азы: аҭакԥхықәра ду сыднаҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСусана Садзба.
Сусана Садзба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik амҩаԥгаҩцәа иреиуоу, "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ зыхҵоу Сусана Саӡԥҳа аефир аҟны иазгәалҭеит ус еиԥш аҳаҭыртә хьӡы аҭакԥхықәра ду шлыднаҵо.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Саӡԥҳа аҳаҭыртә хьӡы иазкны
"Зҽаԥсазтәыз ҳәа ҳаҭыр ду змоу хьӡуп. Убри ишахәҭоу иныҟәызгартә еиԥш алшара саҳәоит. Зегь раԥхьа иргыланы, имаҷымкәа схы аус адызулароуп, аџьабаа збалароуп ҳауаажәлар ргәы иҵхо азҵаарақәа рызнагараҟны. Ажурналист иус уи аобиективла азнеироуп, иҭакԥхықәра дуны саԥхьа ишьҭоуп исанаршьаз аҳаҭыртә хьӡы. Иҟоуп сара саасҭа еиҳаны аџьабаа збахьоу, урҭ аԥхьаҟа ас еиԥш аҳаҭыртә хьыӡқәа рзыԥшуп ҳәа сгәы иаанагоит", — лҳәеит Саӡԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0