Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит Ҳаџьараҭ Ҭарсман иусеилыргара иазкыз аилатәара шцоз

© Sputnik / Томас ТхайцукСария Кварацхелия
Сария Кварацхелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа амҩатә машәыр аан иҭахара зыхҟьаз ҳәа иаанкылоу амашьынарныҟәцаҩ Ҳаџьараҭ Ҭарсман иусеилыргара иазкыз аилатәара аԥшьашаҽны ишымҩаԥысыз еиҭалҳәеит Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит Ҳаџьараҭ Ҭарсман иусеилыргара иазкыз аилатәара шцоз
"Аҟәатәи аусӡбарҭаҟны Ҳаџьараҭ Ҭарсман ирбаандаҩра аҽҳәара иацырҵеит. Уи зыхҟьаз аусеилыргаҩцәа макьана аус аӡбаразы иахәҭоу амаҭәарқәа зегьы ахьеидырымкылац  ауп. Уи аӡбаратә-медицинатә гәаҭареи автомашьына аҭагылазаашьеи ирыдҳәалоуп, иазыԥшуп Урыстәылантәи аҭак. Аӡбаҩ иахь аҳәара ҟаҵан даҽа ҩымз аҽҳәара рырҭарц. Ҭарсман идукат иазгәеиҭеит иара иҭакра даҽа ҩымз иашаӡам, иуаҩышьала аусӡбара иаԥырхагоу иакәым, абри аамҭа аҩны ихыигар алшоит ҳәа. Аӡбаҩ Тәанба иӡбеит Ҭарсман даҽа мызки бжаки ирбаандаҩра иацҵазарц. Ахара зду ҳәа гәҩарас иҟоу иҭынхацәа иазгәарҭеит аус ииашаны имҩаԥысыр шакәу. Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь рхы дырхар рҭахуп, дара ргәаанагарала, амҩатә машәыр азы Ҭарсман мацара иус иахьахәаԥшуа иашам", — лҳәеит Кәарцхьиаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0