Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Рекәаа Санкт-Петербург абаза жәлар реиԥылара иазкны: ҳаимадарақәа ҳарӷәӷәеит

© Фото : предоставлено Тимуром РекваваҬемыр Рекәаа
Ҭемыр Рекәаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Санкт-Петербург имҩаԥысит абаза жәлар раԥхьатәи реиԥылара. Уи хықәкыс иаман аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа реибадырра, реибабара ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы Санкт-Петербург иҟоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакра анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Рекәаа.
Рекәаа Санкт-Петербург абаза жәлар реиԥылара иазкны: ҳаимадарақәа арӷәӷәеит

"Ари аиқәшәара иалахәыз гәык-ԥсык ала иазнеит, реибадырра даара еигәырӷьеит, иахьа уажәраанӡа аҭел иаҳзасуеит, иаҳзырыҩуеит, аиԥылара аҵак ду шамаз дара рзы. Иалыршахеит еиуеиԥшым азҵаарақәа рылацәажәара. Иазыӡбан амилаҭтә кәашаразы аԥсуа-абаза ансамбль аиҿкаара. Уи ҳкультура, ҳҭоурых ашьҭыхра иазырхоуп. Ҳалацәажәеит Ҟарачы-Черкесск имҩаԥысуа аԥсуа-абаза аспортә хәмаррақәа рылахәхаразы акоманда аиқәыршәара. Ус еиԥш ҳагәҭакқәа рацәоуп, шьҭа ҳаимадара иаҳа-иаҳа иӷәӷәахап ҳәа ҳақәгәыӷуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Рекәаа. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0