Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чуаз: ансамбль "Кьараз" аиқәырхароуп хықәкыс исымоу

© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Кьараз" асахьаркыратә напхгаҩы Олек Чуаз.
Ансамбль Кьараз асахьаркыратә напхгаҩы Олек Чуаз. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи ашәаҳәареи акәашареи афольклортә ансамбль "Кьараз" ашьақәгылашьа атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Олек Чуаз.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чуаз ансамбль "Кьараз" иазкны

"Ашәаҳәареи акәашареи афольклортә ансамбль "Кьараз" иахыҵуеит 55 шықәса, иара напхгара аиҭон Баграт Багаҭелиа. 2015 шықәса рзы идунеи аныиԥсах ашьҭахь сара асахьаркыратә напхгаҩыс сҟалеит. Ҳансамбль иалахәып 20 шықәса инаркны 80 рҟынӡа зхыҵуа аҟазацәа. Ҳансамбль шьақәгылоуп 17-ҩык ашәаҳәаҩцәеи, 12 — ҩык акәашаҩцәеи, 3-ҩык амузыкантцәеи рыла. Сара исҭахуп зықәрахь инеихьо рԥышәа рымыздаша аҿар адгалана ансамбль аиқәырхара", - ҳәа иҳәеит Чуаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0