Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Багаҭелиа аицлабра "Иреиӷьу аԥсшьараамҭа" иазкны: азҿлымҳара бзиа амоуп

© SputnikАзамат Багаҭелиа
Азамат Багаҭелиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Акурорт Пицунда" раԥхьаӡа акәны имҩаԥнагоит афото- еицлабра "Иреиӷьу аԥсшьараамҭа". Аицлабра аԥҟаррақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсшьарҭа ҩны аофициалтә хаҭарнак Азамат Багаҭелиа.
Багаҭелиа аицлабра "Иреиӷьу аԥсшьараамҭа" иазкны: азҿлымҳара бзиа амоуп

"Ҳара иҳамоуп ҳхатә саит: аԥҟаррақәа зегьы ануп, уа иҟоуп аинформациа зегьы. Аха ҳара ҳахь ԥсшьара ҳәа иаауа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп зықәрахь инеихьоу ауаагьы, урҭ зегьы ирылшом аицлабра ахалархәра, аха ирызцәырҵуа азҵаарақәа рацәоуп, аинтересгьы рымоуп. Аицлабра аихшьаалақәа ҟаҵахоит аелектронтә системала. Аиааира згаз иоуеит алшара ҳапсшьараҭа ҩнаҿы иаамҭа ихыигартә еиԥш, амала уахь иалаӡам амҩақьира ахәԥса. Абарҭ асоциалтә даҟьақәа рҿы имҩаԥааго аицлабрақәа рыла иаҳҭахуп ауаа Аԥсны иазҿлымҳахарц, иаднапҳьаларц", -ҳәа азгәеиҭеит Багаҭелиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0