Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Корсаииаԥҳа: ателехәаԥшраҿы аполитика рацәахазшәа збоит

© SputnikДырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи аиҳабы Светлана Корсаиԥҳа.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи аиҳабы Светлана Корсаиԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ателехәаԥшрахьы аҿар ирымаз азҿлымҳара змаҷхаз, иҟаҵатәузеи уи агәыбылра хынҳәырцаз, абри атәы Адунеизегьтәи ателехәаԥшра амш аҽны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ажурналист, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи аиҳабы Светлана Корсаииаԥҳа.
Корсаиԥҳа: ателехәаԥшраҿы аполитика рацәахазшәа збоит

"Аԥсуа телехәаԥшра, сгәанала, инаныгӡоз ароль иаҳа маҷк илаҟәхазшәа збоит. Аинтернет анцәырҵ ашьҭахь аҿар асоциалтә ҳақәа иаҳа ирызҿлымҳахеит.Изызҳауа аҿар ателехәаԥшра аинтерес ркырцаз иҟаҵатәу рацәазар ҟалап ҳаамҭазы. Ицәырҵит арлахҿыхратә программақәа, аха ателехәаԥшра иацәыӡит арҵаратә-арккаратә программақәа, аҿар рзы аинтерс зҵо, иртәу. Ателехәаԥшраҿы аполитика рацәахазшәа збоит", - ҳәа азгәалҭеит Корсаииаԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0