Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Мықәԥҳа "Абжьы зхоу" иазкны: ахәыҷқәа "мап" ҳәа раҳәара цәгьан

© Sputnik / Томас ТхайцукХибла Мукба
Хибла Мукба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект ҿыц "Абжьы зхоу" алахәылацәа ралԥшаара хыркәшоуп. Уи шымҩаԥысуаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит апроект автор, ашәаҳәаҩ Хьыбла Мықәԥҳа.
Мықәԥҳа "Абжьы зхоу" иазкны: ахәыҷқәа "мап" ҳәа раҳәара цәгьан

"Алԥшаарақәа авидео ала иҭысхуан, анаҩс схазы иҭысҵаарцаз. Ҳәарада, сгәы снархьуан, ахәыҷқәа мап ҳәа анраҳхәоз, уи даара ицәгьоуп. Иуадаҩын алхра. Ирацәоуп ахәыҷқәа абаҩхатәра змоу, аха иазыҟаҵам ыҟоуп, егьыс абжьы рымоуп. Ари аконкурс есышықәса имҩаԥгалахоит, уажәы иақәымшәаз ҳаԥхьаҟа дааир илшоит", — ҳәа азгәалҭеит Мықәԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0