Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бараҭелиа еиҭеиҳәеит Аҟәантәи Гәылрыԥшьҟа ииагахо агәамеизакырҭа зеиԥшрахо

© Томас ТхайцукГлава администрации Гулрыпшского района - Аслан Барателия
Глава администрации Гулрыпшского района - Аслан Барателия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион аҟны агәамеизакырҭа ҿыц ҭыԥс иахьалырхуа, уи зеиԥшрахараны иҟоу атәы.
Бараҭелиа еиҭеиҳәеит Аҟәантәи Гәылрыԥшьҟа ииагахо агәамеизакырҭа зеиԥшрахо

"Аҳәынҭқарра ахада идҵа ҳауит, адгьыл ылхтәуп. Аԥыза-министр ари аус хылаԥшра аиҭалоит. Агәамсам ишаҳбац машьынала икарԥсо, анаҩс техникала иркәаҳауа акәӡам ишыҟало, абрикет ҳасабала иҟаҵахоит уаҩы иԥырхагамхартә, афҩы ахыламҵуа акәарша аҭаны ҳәа сақәдыргәыӷит. Ус еиԥш Аҟәа иҟаҵаны машьынала Гәылрыԥшь араион ахь иааргаларц ауп. Аҭыԥ иалххо акәзар, акомиссиа игәанаҭоит. Кац иқыҭ иахьаҵанакуа уаҩы имыхәо адгьылқәа ыҟоуп, уаҟа агәам аус адызуло азауада ргыларазар ҟалоит ҳәа ҳахәаԥшхьан, аха иалымҵит. Ишырҳәаз еиԥш, агәам абрикет аҟны иҟалар, уи аҭыԥ еизакырҭак аҳасабала ҳахәаԥшуеит", — иҳәеит Бараҭелиа.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит Аҟәа ақалақь ахадара ҩымчыбжь рыҩныҵҟала агәам-сам акажьырҭа аиҿкаареи арманшәалареи рзы аусурақәа мҩаԥыргарц азы. Гәылрыԥшь араион ахадара адҵа аҭоуп араион адгьылҵакыра иахьаҵанакуа агәам-сам акажьразы аҭыԥ алырхырц.

Аҩашаҽны Аԥсны ахада Рауль  Ҳаџьымба ақәҵара идикылеит  ҩымчыбжьа рыҩныҵаҟала Аҟәа  ақалақь ахадара агәам еизакырҭа аҟны аусурақәа мҩаԥыргарц, ажра  ҿыц  ҟаҵаны ишахәҭоу аус адуланы агәам ҭарыԥсаларц. Иара убас Гәылрыԥшь араион ахадара адҵа аҭоуп араион иахьаҵанакуа агәам еизакырҭа ахьыҟалаша аҭыԥ ылыхырц. Ақәҵара анагӡара хылаԥшра аиҭоит Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба.

Ажәабжьқәа зегьы
0