Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аӡынба Мушьни Хәарцкиа изы: игәаӷьра ду ахшыҩ ацын

© Sputnik Гарри Адзынба
Гарри Адзынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵарауаҩ-археолог, Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкиа дҭахеит ԥхынҷкәын 6, 1992 шықәсазы Мрагыларатәи афронт аҟны. Арадио Sputnik аҟны уи дигәалаиршәеит Аԥсны Афырхаҵа Гарри Аӡынба.

"Мушьни илшоз, ииӡбоз атәы аҳәара даара иуадаҩуп. Аибашьра ҟалаанӡагьы дыздыруан,  Жәлар рфорум аҟны ҳаибабахьан. Аибашьраан Мрагыларатәи афронт аҟны дҳазнеит, ҳаизганы ҳусқәа шҳарманшәалаша, ҳшеибашьыша дҳацәажәеит Ануаа рхәы.  Уи ашьҭахь Кәачара ахы ианақәиҭаҳтәуаз, ҳаԥхьа дгылан. Џьгьардаа ргәыԥ сеиҳабын, Аҭараа ыҟан, Кындыӷаа. Ҳаицны абҵарамза 28 рзы ҳхалеит. Убра аибашьра ӷәӷәацәҟьа ҟалеит, ашьыжь асааҭ хәба инаркны илеихашәы ихәлаанӡа ҳаибашьуан. Уа  Мушьни иааирԥшыз агәымшәара, ахаҵара, аԥхьагылара атәы аҳәара уадаҩуп. Иара иоуп аԥхьа дгыланы зегьы еиқәзыршәаз", — иҳәеит Аӡынба.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Аӡынба Мушьни Хәарцкиа изы

Аԥсны Афырхаҵа дазааҭгылеит убасгьы Мушьни Хәарцкьиа иҭахара шыҟалаз ҳәа аибашьцәа изеиҭарҳәаз ахҭыс. Иазгәеиҭеит ар рԥыза  Мушьни Хәарцкьиа еиԥш иҟаз дызгәаӷьуаз аӡә ҳганахьала дыҟан ҳәа агәра шизымго, иҭахаразы агәыҩбара узҭо ацәажәарақәа шхеимҵо.

Шәазыӡырҩырц ишәыдаагалоит аудио. Аицәажәара иаҳа инеиҵхны ишәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0