Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа: игьамадоу атәым акәымкәа ҳнапҟазацәа русумҭақәа рыдгалатәуп Аԥсныҟа иаауа

© Sputnik / Томас ТхайцукНури Кварчия
Нури Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кортуа ихьӡ зху жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аҟәа имҩаԥысраны иҟоу раԥхьатәи анапҟазаратә фестиваль хықәкыс иамоу.
Кәарҷиа: игьамадоу атәым акәымкәа ҳнапҟазацәа русумҭақәа рыдгалатәуп Аԥсныҟа иаауа

"Китаинтәи иааганы иахьа ҳтәыла асувенирқәа рыла идырҭәит, амҩа иантәаланы ирҭиуеит, Аԥсны ҳәа рнырҵoит, арахь  ҳаԥсадгьыл аҟазшьа зныԥшуа ҳәа акгьы ыҟаӡам. Урҭ игьамадоу асувенирқәа аахәаны ицоит Аԥснынтә иааҳгеит ҳәа. Убри аан иҟоуп ҳара ҳҟазацәа, хықәкыс иҳамоу — урҭ рцәыргароуп. Иҟоуп зхазы иҟазҵо, ирацәаны анаплыхқәа рыҟаҵара аҭагылазаашьа змам. Урҭ зегьы ацәыргақәҵаҟны еизаҳгар ҳҭахуп. Ацәыргақәҵа ажәлар ахьаргәырӷьо адагьы, даҽа зҵааркгьы ҳаӡбоит. Ҳҟазацәа  рнапы злаку, изусҭцәоу ашәҟәы ианаҳҵоит. Аԥхьаҟа реизҳара ҳацклаԥшлоит, еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа рахь иааҳаԥхьалоит, жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа аныҟало, уахь иаҳашьҭуа аусумҭақәа ҳдыруа ҳҟалоит. Насгьы аҟазацәа еизганы ианеиқәуршәо рԥышәа еимырдоит, иҟоуп ассирқәа ҟазҵо, аха уи ус шакәу агәра зымгогьы, ҳамҭак рыҭаны русумҭа ахә узшьар, ԥхьаҟагьы аусура агәаҳәара рнаҭоит", — иҳәеит Кәарҷиа.

Пҳынҷқәын 12 инаркны 19-нӡа Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп жәлар рнапҟазара раԥхьатәи афестиваль. Уи аԥшьнагеит И. Кортуа ихьӡ зху жәлар рырҿиара ацентр.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0