Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Хәытаба еиҭеиҳәеит аспорт ҽазыҟаҵарҭақәа рзы Пицунда лшарақәас иҟало

© SputnikБаграт Хутаба
Баграт Хутаба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абаҩрҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Баграт Хәытаба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Урыстәыла аспорт ҽазыҟаҵаратә центр "Динамо- Росенергоатом" аиҳабы Сергеи Фомини иареи ааигәа Аԥсны имҩаԥгаз русутә еиԥылараҟны излацәажәоз.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Хәытаба аспорт иазкны
"Аԥхын Пицунда ақалақь аҟны аԥсшьарҭа ҩны "Литфонд" иахьаҵанакуа амҵәышәымпыл азы Урыстәылатәи аҟазацәа амастер-классқәа, аицлабрақәа мҩаԥыргеит, ашколқәа амҵәышәымпыл изласуа ампылқәа рзыршеит. Ауснагӡатә ацхыраара аиҭеит Ҭҟьебучаа Џьумбер. Уа аицәажәара ыҟан аспорт ҽазыҟаҵаратә центр "Динамо- Росенергоатоми" ҳареи аус еицаҳурц, амҵәышәымпыл ала зҽазыҟазҵо ахәыҷқәа ацхырара рыҭаразы, еиуеиԥшым ачемпионатқәа рымҩаԥгаразы. Пицунда аԥсшьарҭа ҭыԥ аҟны иҟарҵеит аԥкьаҭмпыл, амҵәышәымпыл иахьасуа адәқәа, ашьапылампыл маҷ иахьасуа адәгьы аҟаҵара иаҿуп. Ауаа неины аицлабрақәа имҩаԥысуа ирыхәаԥшыртә аҭагылазаашьа ыҟоуп. Аҳәынҭқарратә еилакы иеиҿнакаауа ачемпионатқәа уа имҩаԥаҳгартә еиԥш аицәажәара ҳамоуп. Иара убас азыҟаҵаҩцәа рыҩаӡара ашьҭыхразы алшарақәа ҳрылацәажәеит. Уи аганахьала ацхыраара ҳарҭарц. Иахьа иуадаҩраны иҳамоуп аҽазыҟаҵарҭатә ҭыԥқәа, урҭ ҳацәмаҷуп. Иахьа Аԥсны жәа-нызқьҩык иреиҳауп аспорт хкқәа рыла зҽазыҟазҵо ахәыҷқәа. Аиашазы, уи маҷуп, ҳара ҳгәы иҭоуп уи ахыԥхьаӡара аизырҳара, 45-50 процент рҟынӡа ахәыҷкәа аспорт рҽазыршәар ҳҭахуп", — иҳәеит Хәытаба.

Ажәабжьқәа зегьы
0