Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аӡынԥҳа амилициа аусзуҩцәа абџьар рхы иадырхәар аныҟало атәы дазааҭгылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрифа Адзинба
Арифа Адзинба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азиндырҩы Арифа Аӡынԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиқәылԥхьаӡеит азакәан инақәыршәаны амилициа аусзуҩцәа абџьар рхы иадырхәар анрылшо аҭагылазаашьақәа.

Аӡынԥҳа амилициа аусзуҩцәа абџьар рхы иадырхәар аныҟало атәы дазааҭгылеит
"Амилициа аусзуҩцәа зегь раԥхьа иргыланы абџьар рхы иадырхәар рылшоит ауаажәлар рыԥсҭазаара ашәарҭара ианҭагылоу,  рхаҭакәа рзы ус еиԥш ашәарҭара аныҟоу, рыбџьар рымхра аӡәы иҽаназишәо аамҭазы, ауаҩы шасыс дыргар, уи ихы иақәиҭтәра аан. Ацәгьоура хьанҭа ҟазҵаз амилициа аусзуҩцәа данырцәыбнало, рганахьала абџьар ихы иаирхәарц аниҭаху,  усҟан ихысыр ҟалоит. Убасгьы иҭаку зус ӡбоу абналара иҽаназишәа аамҭазы, амилициа аусзуҩцәа абџьар рхы иадырхәар рылшоит. Амилициа аусзуҩцәа автомашьына анааныркыло ааха арҭар рылшоит, аԥсҟы зку ауаҩы егьырт ауааԥсыра ргәабзиареи рыԥсҭазаараеи ашәараҭара ианҭаиргыло. Усҟан амашьына абарбалқәа  ирықәкны ихысуеит. Насгьы амашьына аԥсҟы зку  изныкымкәа амилициа аусзуҩцәа адҵа ирҭазар иаанкыл ҳәа, иара мап анацәикуа, усҟангьы рхы иадырхәар рылшоит абџьар. Амилициа аусзуҩцәа абџьар ахархәара азин рымаӡам аҳәса, зықәра наӡам ауаа рганахьала. Абас аҳәоит амилициа азы азакәан 13–тәи ахәҭаҷ", —  лҳәеит Аӡынԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Амилициа аусзуҩцәа Тамшь амашьына аныҟәцаҩ даангыларц азы ирҭаз адҵа данықәымныҟәа абџьар рхы иахьадырхәаз ахҭыс дазааҭгыло, азиндырҩы иазгәалҭеит уи азы аусҭҵаара шцо, азинхьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа абџьар рхы иахьадырхәаз азакәантә шьаҭа амазу иамамзу азы агәаҭарақәа мҩаԥыргаанӡа ииашоуп, мамазар ирхароуп ҳәа шузымҳәо.

Ажәабжьқәа зегьы
0