Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба: аԥсуаа ақьырсиан динхаҵара иаҵанакуаз аԥҟарақәа еснагь ирықәныҟәон

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашуба
Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қьырса ныҳәа аҽны иаҭахума аишәа аргылара, насгьы уи ҵакыс иамаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аетнолог Арда Ашәба.
Ашәба: аԥсуаа ақьырсиан динхаҵара иаҵанакуаз аԥҟаррақәа ирықәныҟәон еснагь

"Аԥсуаа еснагь аимак рыман Амшаԥы, Қьырса рыҽны аҿацәа ажәытәцәа рзы аишәа аргыларазы. Аԥсуаа ҳҿы аԥсы еснагь пату иқәын, абри мышкы зны дгылоит ҳәа ражәа иалан. Ус анакәха, аԥсцәа бзахоит ҳәа инарҵауланы ихәыцуан, ақьырсианра иаҵанакуа аԥҟарақәа ирықәныҟон. Уи макьана ишьақәыргылан иҳамаӡам аҩырақәа рҿы, аха ҿырҳәала еимырдоз аҿы иубоит уи инарҵауланы ишырдыруаз, уи ишықәныҟоз. Аишәа андыргыло, ианхырҭәало "ӡи-мцеи зысын иузыҳалалхааит" рҳәоит, уи иаанаго аӡи амцеи зхьымсыз акгьы аишәа иузықәҵаӡом ҳәа. Аԥсуаа қьырсианын, адин иаҵанакуаз атрадициақәа ныҟәыргон", — ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0