Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба Аԥсны адинқәа рааибра иазкны: ҳара ҳахь иааз аҳаҭырбароуп

© Sputnik / Томас Тхайцукаетнолог Арда Ашәба
аетнолог Арда Ашәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа культураҿы еиуеиԥшым адинқәа ирыдҳәалоу аныҳәақәа реиҿыбаашьа азҵаара адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы далацәажәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, аетнолог Арда Ашәба.
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Ашәба Аԥсны адинқәа реинаалара иазкны

"Аԥсны адинқәа рааибра шԥаҟалеи? Ииашоуп, ақьырсианра аԥхьа ашьаҭа акит, аҽарҭбааит, ауахәамақәа дыргылеит, иахьагьы ажәытәӡатәиқәа еиқәханы иҟоуп. Анаҩс аԥсылманра цәырҵит. Арҭ адинқәа ааибон, избанзар аԥсуа имҩаԥигоз ихатә дингьы ақьырсианрагьы иагәҭамсӡеит, убри иашьашәалаз азнеишьа азырԥшааит аԥсылманцәа. Аԥсылманцәа раԥхьагыла адин аԥсуаа ирылазырҵәоз иҟәышыз, ажәлар ҳаҭыр зқәырҵоз иоуп акәымзар, ауахәамақәа рбганы, ахырзаман иалагазҭгьы рҽеидкыланы ирҿагыларын, аԥсылманрагьы агәаӷ ркуан, аимак ҟалон. Абарҭ адинқәа рҟны ахырхарҭа ыҟоуп хәыҷык иахьымҽыӷу, мамзар иахьԥсыҽу. Ҳара ҳҟны иаиааиз аҳаҭырбара ауп. Ус акәымзар иаҳбоит ҳауаажәлар ахьынхо егьырҭ атәылақәа рҟны ақьырсианра мамзар аԥсылманра ахьныҟәарго, Аԥсны еиқәханы иҟоу амилаҭ ныҳәарақәа дара рҿы ишыӡыз. Избанзар уаҟа иаҳа иӷәӷәаны иазгәарҭоит ақьырсианра ма аԥсылманра. Ҳара ҳҟны мҽыӷрала иазымнеиӡеит адин", - ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0