Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьениа: асахьаҭыхратә ҵараиурҭа иҭало абаҩхатәра рылоуп, аха аҵара ҳҵап ҳәа иҟам

© Sputnik Виталий Джения
Виталий Джения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭахь иааиуа ахәыҷкәа аҵара рҽадырцалом ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа.
Џьениа: асахьаҭыхратә ҵараиурҭа иҭало абаҩхатәра рылоуп, аха аҵара ҳҵап ҳәа иҟам

"1980 шықәса раахыс асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы аус зуеит. Усҟантәи аамҭазы иааиуази уажәы иааиуа аҿари санрыхәаԥшуа ирыбжьоу рацәоуп. Усҟан иаҳа иааиуазгьы рацәан аицлабрагьы ыҟан, иааиуаз зегьы зҭалаӡомызт, иалԥшаан акәын аҵара ишҭалоз. Иахьа изаҳӡари, иааиуа ашкол аҟны аҵара ԥсыҽны изҵо роуп. Зхы иақәгәыӷуа иаҳа иахьеиҳау ицоит. Нас, иаҳҵандаз ҳәа ироуҳәо рыдыркылаӡом. Абаҩхатәра рылоуп, аха иаадырԥшыр рҭахӡам. Иаҳа аҟәрышь иазхәыцуа иалагеит. Џьара акы ҳалгеит рҳәарцаз ауп аҵара зырҵо ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа азгәеиҭеит Џьениа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.  

Ажәабжьқәа зегьы
0