Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сангәылиа: Тҟәарчалтәи атеатр ақәыргыламҭа ҿыц аԥхьарбара хәыда-ԥсадахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСырбей Сангулия
Сырбей Сангулия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр арежиссиор, асахьаркыратә напхгаҩы Сырбеи Сангәылиа арадио Sputnik аҟны иҳәеит атеатр уадаҩрақәас иамоу ртәы, иара убас ахәаԥшцәа ҿыц ирыдыргало ақәыргыламҭа аԥхьарбара шхәыда-ԥсадахо.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Сангәылиа Тҟәарчалтәи атеатр иазкны

"Тҟәарчалтәи атеатр аҭагылазаашьа зыуадаҩу аҭыԥ аҟны аҟазацәа абжаҩык ахьыҟоу азоуп. Арантәи (Аҟәантәи – аред.) абжаҩык ицоит, уа актиорцәа ахьазымхо азы. Аспектакльқәа ықәҳаргыларц азы апиесақәа анышьҭаҳхлак, ҳактиорцәа зламаҷу гәаҭаны, атруппаҟны иҟоу ирықәшәаша ҳәа ақәыргыламҭа алаҳхуеит. Ауадаҩрақәа шацызгьы, аус ҳуан уажәаԥхьа иҭҳажьырц, аха аматериалтә база, асцена архиашьа, актиорцәа рымаҭәа  уҳәа ахарџь аҭахын, уи ианаамҭоу иҳаур акәын. Ажәакала, аҟазара аганахьала уажәаԥхьа  ақәыргыламҭа ҭҳажьыртә ҳазыҟаҵан, иара 2018 шықәсазтәи аплан аҟны иарбан, аха исҳәаз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны иахьа уажәраанӡа ҳааит. Аспектакль ахәаԥшцәа ҿыц ирыдаҳгало аԥхьарбара хәыда-ԥсадахоит", - иҳәеит Сангәылиа.

Ажьырныҳәа 28 рзы Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи ахәынҭқарратә акомедиатә театр ахәаԥшцәа ирыднагалоит ақәыргыламҭа ҿыц "Мазлоу зегьы злоу". Мазлоу ихаҿсахьа ааирԥшуеит Оҭар (Ҷыҷкәа) Адлеиба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0