Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габлиа абызшәа онлаин аҵара иазкны: аҭырқәа-аԥсуа курс ацаҳҵеит

© Foto / предоставлено Иналом ГаблияИнал Габлиа
Инал Габлиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа онлаин аҵаразы ашкол "Алашарбага" анапхгаҩы Инал Габлиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аԥсшәа аҵаразы аҭырқәшәа здыруагьы алшара шырзаԥырҵо.
Габлиа абызшәа онлаин аҵара атәы: аҭырқәа-аԥсуа курс ацаҳҵеит

"Абызшәа аҵаразы иҳамоу акурсқәа ирыцаҳҵоит, ашәҟә ҿыц ҭҳажьуеит. Уи ашьҭахь сгәы иҭоуп аԥсуа-аҭырқәа курс аиҿкаара. Дҳамоуп аурысшәа ззымдыруа, аха аҭырқәшәа зҳәо аҵаҩы. Иара уажәы Германиа дынхоит, далагахьеит аҵара. Уи аус аиҿкаара ахьҳалшаз даара сеигәырӷьоит, иҵегьы агәыԥқәа ацаҳҵоит. Уи анаҩс имҩаԥаҳгалоит онлаин-диктантқәа. Уи ашьҭахь сгәы иҭоуп авидеоҭыжьымҭа аиҿкаара. Уи абызшәа иазкызаауеит, ажәақәа ахьынтәиааз, аԥҟарақәа уҳәа. Сишьҭоуп уи мҩаԥызгаша арҵаҩы. Исҭахуп ус еиԥш акурс асоциалтә даҟьақәа рзы", - иҳәеит Габлиа.

Иара иазгәеиҭеит аԥсуа бызшәа онлаин аҵара акурсқәа алҵшәа шрымоу, актәи аҩаӡара иахысыз рдыррақәа реизырҳара иазыԥшуп ҳәа. Аҭырқәа-аԥсуа курс ахьацло еихьӡараны иаликааит, иазгәеиҭеит абызшәа зҵар зҭаху уи радԥхьаларазы аӡыргара шаҭаху.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0