Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аламиа ажурнал "Аҟазара" иазкны: иҟаз еихаҳаны ԥхьаҟа игатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГенадий Аламия
Генадий Аламия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурнал "Аҟазара" аредактор хадас даҭоуп апоет, ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩ Геннади Аламиа. Иара арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ажурнал ҵакыс иамоу, нас уи ишьҭнахуа азҵаара хадақәа ртәы.
Аламиа ажурнал "Аҟазара" иазкны: иҟаз еихаҳаны ԥхьаҟа игатәуп

"Ажурнал аҵакы даара идууп. Иара апартиа аиҳабыра ақәҵарала иҳауз журналуп, ҳаҭыр зықәҵатәу, игәцарактәу акәны иҟоуп. Ажурнал ишьҭнахуа аҟазара, аԥсҭазаара ирыдҳәалоу азҵаарақәа роуп, иара аханатә иахагылаз аӡә иакәын ашәыҟәыҩҩцәа иреиӷьу Џьума Аҳәба. "Аҟазара" акьыԥхьра ирацәаҩӡаны ауаа адҳәалан, иахьынӡауаз аус руан. Иарбанзаалакгьы хҭыск, акультура иатәума, аҟазара иатәума, ираҩрыжьуамызт. Сара иҟаз абзиа еихаҳаны, иҟаз схаршҭны акәымкәа, ԥхьаҟа изгарц сгәы иҭоуп. Зегьы ҿыцны салагарц сгәы иҭам. Акызаҵәык, иахьатәи аамҭа иақәшәо иҟаҵатәуп, избанзар акьыԥхь иацлабуа амассатә информациатә хархәагақәа рацәоуп, аха атема аҽаԥсахӡом, уи аҟазара ишадҳәалаз ус иагьаанхоит", - ҳәа азгәеиҭеит Аламиа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0