Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ломиаԥҳа: ачымазарақәа ирыхҟьаны ашкол аҟны аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ҭышәынтәалам

© Sputnik / Томас ТхайцукНонна Ломия
Нонна Ломия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ адиректор Нонна Ломиаԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит аӡын аамҭазы ачымазарақәа ирыхҟьаны ашкол ахь имныҟәо аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара зеиԥшроу атәы.
Ломиаԥҳа: ачымазарақәа ирыхҟьаны ашкол аҟны аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ҭышәынтәалам

"Аҭагылазаашьа хәыҷык ианеиӷьхо ыҟоуп, анаҩс адырҩаҽны еиҳаны ахәыҷқәа агхар ҟалоит, макьана аҭагылазаашьа ҭышәынтәалам. Аԥхьа ичмазаҩхаз бзиаханы иаауа ыҟоуп ахәыҷкәа, аха урҭ рҭыԥан ҿыц ичмазацәахазгьы ыҟоуп. Классқәак рҟны иҟоуп 50 процент рҟынӡа аҵаҩцәа ахьыҟоу, еиҳаны иахьтәоу ыҟоуп. Ажәабатәи акласс аҟны акәзар иахьа ҩыџьа ахьтәазгьы ыҟан, аха аҩныҟа шәца ҳәа раҳамҳәаӡеит аурокқәа шцац ицоит. Амала аурок ҿыц ҳазрыҭаӡом ус ианыҟоу, ҳазхысыз иҵегь ишьақәҳарӷәӷәеит. Аиҵбыратәи аклассқәа рҿы акәзар, иҟоуп аҭаацәа ашкол аҿы иааины адҵақәа зго, ахәыҷқәа ак рыгхар ҳәа ишәаны аҵатәқәа ртәы еилызкаауа. Иҟоуп ԥшьҩы-хәҩы рҟынӡа ичмазаҩхаз арҵаҩцәагьы. Жәаҳәарада, уи аҵаратә процесс иаԥырхагоуп, аха зегьы рзы иҟалаз ауп. Ԥсыхәа ахьынӡамоу ҳҽахьаҳагӡап ҳәа уи аҩыза агәаанагара сымоуп. Аҵаратә процесс иагхаз хаҳарҭәаауеит ҳәа аҵара аминистрра аӡбамҭа ҟанаҵар, уи иаҿагыло аҭаацәа, мамзар арҵаҩцәа ҟалап ҳәа сгәы иаанагом", - ҳәа азгәалҭеит Ломиаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0